АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Бадра Гәынба.
Пицунда ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа наигӡалоит ахада актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз Рустам Агрба.
Рустам Агрба диит ԥхынгәы 17 1991 шықәсазы. 2014 шықәсазы далгеит Шәачатәи аҳәынҭуниверситет азиндырҩы изанааҭ ала. 2021 шықәсазы Пицундатәи Ақалақьтә Еизарахь депутатс далхын, уи ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Пицунда ақалақь ахада ихыҭыԥуаҩс даҭан.