АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҩны деихсит ҳәа гәҩарас ирымоу Баграт Сурмаа мызкы ҳәа дырбаандаҩуп абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынҷкәынмза 24 2024 шықәсазы. Жәабранмза 4 рзы 33 шықәса зхыҵуа Сурмаа ареспубликатә ишьҭазаара рылаҳәан, иара азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рҟынтәи иҽиӡеит.
Иара даанкылан рашәарамза 14 рзы.