АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. 2025 шықәса хәымз ирҭагӡаны агәабзиарахьчара ахырхарҭала еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирзоужьын 330 млн мааҭ, абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба атәыла ахада имҩаԥигоз аилатәараҟны.
Арҭ аԥарақәа реиҳарак атәылуаа рыхәшәтәреи ахәшәқәа раахәареи ирзырхоуп иҳәеит иара.
Аминистрцәа реилазаара аиҳабы иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә программақәа зегьы ишахәҭоу инарыгӡоит, урҭ рахьтә акызаҵәыкгьы акала иагдырхом.
Иахьатәи аамҭазы абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы инагӡаны ирыҭоуп.