Аԥсны

"Аԥснытәи атуризм аидгыла" атуристтә усхк актуалтә проблемақәа ирызку аилатәара мҩаԥнагоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. "Аԥснытәи атуризм аидгыла" атуристтә усхк актуалтә проблемақәа ирызку аилатәара мҩаԥнагоит.
Аиԥылара атема хада — аџьармыкьа алахәылацәа рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, аԥсшьацәа ахьыҩнарҵо аобиектқәа рзы ахәԥсақәа рышьақәыргылараан адемпинг ҟамларазы амеханизмқәа аус рыдулара.
"2023 шықәса рзы атуристцәа рхыԥхьаӡара 15% рыла еизҳаит иҳаҩсхьоу ашықәсқәа ирҿырԥшны — ари еихьӡара дуун. Аха уи аинфраструктуреи амаҵзуреи рхаҭабзиара еиӷьнамтәӡеит", — ҳәа азгәалҭеит аидгыла ахантәаҩы Анна Калиагина.
Лара лажәақәа рыла, проблема хадас иҟоу аԥсшьаҩцәа ахьыҩнарҵо аобиектқәа рҿы анырхаразы ахәԥсақәа рдемпинг ауп, уи амаҵзурақәа рыхәԥсақәа рыларҟәрахь икылнагоит, иааидкыланы абизнес анырра бааԥс анаҭоит.
Ареспубликаҿы ишьақәырӷәӷәатәуп асасааирҭақәеи егьырҭ аԥсшьарҭақәеи рзы ихымԥадатәиу астандартқәеи урҭ рклассификациеи ҳәа лыԥхьаӡоит Калиагина.
Аиԥылара далахәуп атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, Апарламент адепутатцәа, ареспублика Ауаажәларратә палата алахәылацәа, атуристтә усхк ахаҭарнакцәа.