Аԥсны

Гагра араион ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы 11,5 млн мааҭ азоужьын

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. 2025 шықәсазы Гагра араион ауааԥсыра рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы 11,5 млн мааҭ азоужьын.
Гагра араион абиуџьет ҳазҭоу ашықәс азы ахашәалахәы — 1,1 миллиард мааҭ ыҟоуп, асубсидиақәа – 65 млн, ахарџьқәа 2 млрд рҟынӡа инаӡоит, абарҭ арбагакәа ртәы атәыла ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит араион ахада Иури Хагәышь.
"2025 шықәса фымз рыҩнуҵҟа ашәахтәқәа реизгара аплан иартәоит — 487 млн мааҭ, уи аан фактла иахыԥхьаӡалоу 507 млн мааҭ ауп", — иҳәеит Хагәышь.
Хагәышь иажәақәа рыла, араион аҟны ауааԥсыра афинанстә цхыраара рыҭаразы апрограмма азгәаҭоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 2025 шықәсазы 14 млн мааҭ азоурышьҭхьеит.
Аԥсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит