АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Россотрудничество сынтәа асовет еидгыла ашьҭахьтәи атәылақәа рҿы, Аԥсныгьы уахь иналаҵаны аробототехника ацентрқәа аанартуеит.
Россотрудничество анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Павел Шевцов ПЖәАФ аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәеиҭеит, ари ахырхарҭа аҿар рзы аинтерес шаҵоу, насгьы алшара дуқәа шамоу.
"Ахәыҷы аԥхьаҟатәи иԥсҭазаараҿы иоурц ииҭаху адыррақәа рганахьала алшара иҭатәуп. Абри ауаҩытәыҩсатә ҿиара ахырхарҭа ауп аҿар рылаԥш зыдхало, раԥхьаҟа изыкәхарц ирҭаху", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аробототехника, иԥсабаратәым аинтеллект, аинформациатә технологиақәа рыҿиара ҳаамҭазтәи адунеи аҿы ихымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Шевцов.