АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.
Агәалашәаратә уснагӡатә мҩаԥган Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа Аԥсныҟа иалагалеижьҭеи 31 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз.
Ашәҭқәа рышьҭаҵара иалахәын Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рветеранцәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.
Абжьаҟазаратә мчқәа Аԥсны рус анагӡара иалагеит рашәара 21 1994 шықәсазы. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 117-ҩык урыстәылатәи аруаа.