Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: аконцертқәа, акино, ацирк, аспектакльқәа

Рашәара 23-29 рзтәи акультуратә афиша. Шәаԥхьа, шәкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
Sputnik

Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал

Рашәарамза 23 асааҭ 20:00 рзы – ауарӷантә-вокалтә концерт. Асценаҟны ауарӷанрҳәаҩы Лука Гаделиа, аоператә шәаҳәаҩбы Саид Габечиа.
Есхәашеи есмҽышалеи асааҭ 17:00 рзы – Лука Гаделиа иорӷантә музыкатә концертқәа.

Аԥсуа драматә театр

Рашәарамза 24 асааҭ 19:00 рзы аспектакль "Ҳаҭыр зқәу Памела". Арежиссиор Адгәыр Ақаҩба.
Рашәарамза 27 асааҭ 19:00 рзы- "Ҳауа идагәада". Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

Аԥсуа аҿар ртеатр

Рашәарамза 25 асааҭ 19:00 рзы -аспектакль "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам".
Рашәарамза 27 асааҭ 19:00 рзы Гәдоуҭатәи акультура аҩны аҟны иддырбоит аспектакль "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа", арежиссиор Софа Агәмааԥҳа.

Русдрам

Рашәарамза 24 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Акокаини сареи ҳроман". Арежиссиор Роман Кочержевски.
Рашәарамза 25 асааҭ 19:00 рзы -"Кьоџьаа рҭыӡшәа". Арежиссиор Александр Коручеков.
Рашәарамза 26 асааҭ 19:00 рзы - Џь. Аҳәба иҩымҭала аспектакль "Аҵыҵындра". Арежиссиор Денис Хусниаров.
Рашәарамза 27 асааҭ 19:00 рзы -"Ишьаарҵәыроу ачара". Арежиссиор Мариа Романова.
Рашәарамза 28 асааҭ 19:00 рзы -"Ахьча Махаз", Олесиа Невмержицкаиа лықәыргыламҭа.
Рашәарамза 29 асааҭ 19:00 рзы- аспектакль "Хьӡызмам аеҵәа" Арежиссиор Антон Корнилов.

SKLAD

Рашәарамза 26 асааҭ 20:00 рзы - Кавказ ма Кавказ иазкны 1920-1930 шықәсқәа рзы иҭыхыз абжьы зхам акино.

AUADA

Рашәарамза 27 асааҭ 19:00 – аԥсуа фотоҭыхҩы Отто Лакоба ицәыргақәҵа "Аџьармыкьа амшқәа". Афотоцәыргақәҵа аус аулоит ԥхынгәы 13 рҟынӡа.

Pitius coffe

Рашәарамза 25 асааҭ 18:30 рзы Нальчиктәи ашәаҳәаҩцәа Башира Хацуки Астемира Маршенкулови еицынарыгӡоит ҳаамҭазтәи аранжировка зызу XVIII-XX ашәышықәсақәа рзы иаԥҵаз ачерқьес шәақәа.

"Агәымшәақәа реҵәаџьаа"

Рашәарамза 28 18:00 рзы, рашәара 29, 11:00 – Аҟәа иқәгылоит Шәачатәи ацирк. Апрограммаҿы иҟоуп аклоунцәа, алаԥшхырԥаҩцәа, акробатцәа, бенгалтәи абжьасқәа, иазыҟаҵоу амшәқәа.