"Аԥснытәи Нарҭаа" Екатеринбург имҩаԥысуаз КВН аушьҭымҭацәа реиԥылараҿы аиааира ргеит.
Иреиҳау алига ачемпионцәа, "Ахьтәы КиВиН Дуи" КВН аԥхынтәи ахраҿақәа ҩбеи занашьоу, даҽа ҳамҭакгьы ргеит. Аԥсуа лаф гәхьаазгахьаз аурыс хәаԥшцәа ари рықәгылара шрыдыркылаз, жәашықәса рнаҩс асцена ду ақәлара ахьынӡауадаҩыз, насгьы иреиӷьу алҵшәа иахьынӡақәгәыӷуаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәцәа Ҭемыр Аршбеи Алхас Қаџьаиеи.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.