АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Речхә ақыҭан иҟоу аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылара иазыҟарҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Гиа Кәакәасқьыр.
Аҭыԥ аҿы аус руеит Ақалақь анхамҩатә усбарҭа аҟазацәеи ЕгрыГЕС аӡхәыҵалаҩцәеи.
Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, ауааԥсыра аӡы рзынашьҭра аамҭала иԥкуп. Аҩаша хәылбыҽханӡа аӡы хаҭалатәи аҩнқәа рахь мацара ауп иахьнеиуа.
Аусурақәа хацыркхеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба идҵала.