АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Сҭамԥылтәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи аруаа гәыԥҩык Киев анапхгара аҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рҟынтәи идырхынҳәит ҳәа адырра ҟанаҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Дара еиҭнырыԥсахлеит украинатәи атҟәацәа рыла.
Зхы иақәиҭыртәыз уажәазы Белоруссиа иҟоуп, амедицинатәи аԥсихологиатәи ацхыраара роуеит, анаҩс ахәшәтәреи ареабилитациеи рзы Урыстәылаҟа идәықәҵахоит.