Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, исыздырӡом шаҟантә сеиҭаԥхьахьоу иахьа ишәыдызгаларц исҭаху Алықьса Гогәуа иажәабжь "Ашьацәгьа". Исызҳәом уи алитератураҭҵааҩцәа рылаԥш иҵашәан иҟаз жәабжьуп ҳәа. Иара анҭыҵыз аахыс иҵхьеит уажәшьҭа 40 шықәса. Схаҭа ажәабжь сылаԥш иҵашәеит 2006 шықәсазы хә-томкны иҟаз Гогәуа иҩымҭақәа реизга анҭыҵ ашьҭахь. Аиҭаԥхьаразы ҳдаҟьа аҭааҩцәа ишәыдызгалоит, иамыԥхьац шәыҟазар ишәгәаӷьырц зеиԥшыҟам аԥсуа жәабжь "Ашьацәгьа".
Ажәабжь ахьӡ иаразнак иҳаҵанаҳәоит зразҟы уамак изцымныҟәаз, ауаа рыбз зхьысыз аԥҳәыс лҭоурых шакәу. Гогәуа ари ажәабжь анаԥиҵоз зыстиль шьақәгылахьаз, аповест шьахәқәеи ароман-рапсодиеи зыҩхьаз иакәын. Иарбану еиҳа шәыззыразу шәырҿиамҭақәа рҿы ҳәа ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа изҵаара аҭак абас иҟаиҵахьан Гогәуа – "зныкымкәа исҳәахьеит, абри еиԥш азҵаара анықәгылалак ажәабжьқәа рыла салагоит…". Ажәабжь ахьӡ ашәҟыҩҩы аԥсҭазаара аҟынтәи иааигоит, аԥсуаа жәытәнатә аахыс ишьҭкааны иҳамоу астериотипқәа ирсимволуп. "Дара абиԥарак рышьҭра азы ирҳәозаарын рыӡӷабцәа ршьа цәгьоуп ҳәа, - иара убас, автор иааиртуеит егьырҭ еиланхозгьы рышьҭамҭа хьыӡҷыдақәас ирымаз – "шьоукы гызмалқәан, шьоукы абга иақәтәан, шьоукы рылаԥш цәгьан, шьоукы рымшьҭа". Абасала, ажәабжь зызку аԥҳәыс данҩаҵшәа инаркны "ашьацәгьа" лыхьӡын акгьы далаҟаӡамкәаны.
Алитературатә критик Владимир Аҵнариа 1989 шықәсазы иҩыз "Алықьса Гогәуа ипроза аҟнытә" захьӡу ианҵамҭаҿы иқәирыгалахьан изусҭцәада Алықьса Гогәуа ифырхацәа ҳәа азҵаара, уи аҭакгьы ихаҭа абас иҟаиҵоит: "Зыԥсы ҭоу, издыруа, акала сызлахәу, исылахәу шьоук реиԥш срыхәаԥшуеит сара Алықьса Гогәуа ифырхацәа… Ахәыҷы, аду, ақәыԥш, абырг, ахаҵа, аԥҳәыс, зразҟы иазхьуа, ма злахьынҵа зцәыӡхьоу…". Еиӷьны аҳәара уадаҩуп, Аҵнариа иажәақәа рҟынтәи, зегь реиҳа "Ашьацәгьа" афырԥҳәызба илнаалоит – злахьынҵа зцәыӡхьоу. Харантә улыхәаԥшуазар лара дҭаацәароуп, ахшара лымоуп, лыԥшәма дыҟоуп, ақыҭаҿгьы лынхамҩа ыҟоуп, аха уажәы-уажәы лхәыцрақәа диаргоит лразҟы анлыцымныҟәаз аамҭахь. "Зыԥсы ҭоу акеиԥш иааҟәымҵӡакәа лхы-лҿы ашьышьуан аԥшалас… Аха ԥшаласызма уи, мамзаргьы иаабац ԥшаласызма, иаацәырҵны, аҿцәара ада змам абыӷьқәа нҿыршәшәаны еиҭабжьаӡуа… Мап, мап, ари аԥшалас уи лыԥсҭазаара зегьы ԥсыс иахаз акәын, уажәы иахьеи-уахеи дызкыз лусқәа, лхәыцрақәа, лыгәҭыхақәа ԥыҭрак данааурышьҭ, аԥшалас еиԥш аҽылнардыруан. Еснагь еиԥш агәра лгон уи иқәыԥсычҳара ауп ҳәа…", - абас аԥсабареи ахәыцрақәеи реилаӡҩара ахархәарала, автор иааирԥшуеит агәҭынчымра ныҟәызго, змагана кны зыԥшәма ицны аԥҳәырхра азы амхурсҭа иҭаз аԥҳәыс лҟазшьа.
Гогәуа егьырҭ ирҿиамҭақәа рҿеиԥш, ари ажәабжьгьы иалеигалоит аретроспектива, аха абраҟа ахархәара аиҭоит амхы иалаз аԥҳәыс лџьыба иҭылгаз асаркьа. "Хыхь илшәыз, аҭаҭын-ҷаб фҩы зхыз лбамбазиа халаҭ аџьыба дынҭаԥшын лсаркьа хәыҷы ааҭылгеит. Зназы иџьаџьаӡа иҟаз лнапсыргәыҵа нахьылшьит, аха уи азмырхакәа, лхалаҭ абжьыҵҟьа аалырԥшын, агәы инанылшьылан, днанԥшылеит", - иҩуеит автор, дызныԥшылоз асаркьа - абзиабара иархаз лкаҷырақәа дрылыԥшны лқәыԥшра аамҭахь лыхшыҩ лышьҭыр шылҭахыу ҳардыруа. "Даныӡӷабыз дыҭҳаца, уажәы-уажәшьҭан гәырӷьара дук дазыԥшушәа, лыблақәа ҭбааханы, икәеицеиуа ианырбалак, лахәы-лахәы илышьклаԥшуа иалагон. Усҟангьы уажәыгь, избарц зҭахызгьы ибартә иҟан, уи лара ишлыԥсабараз, лыԥсыԥ лагаҩагара ишаҩызаз, инылкыларц далагаргьы лымч шақәымхоз, насгьы, иара хәашьрак шамамыз, иакәым, иҟьашьу акы шаҵамыз", - автор иажәақәа рыла иаҳирдыруеит лара хара лымамкәа "ашьацәгьа" ҳәа шлыхьӡхалаз. Гогәуа иааиарԥшуа аԥҳәыс аромантикатә цәаҩа зцәымӡыц, згәы ақәыԥшра ықәыҳәҳәы иҟоу дреиуоуп. Лхаҭа лхы дазхәыцуа, дахлафаауа лгәы иҭылҳәаауеит лыԥсы ааиҭалкырц, лыблақәа хҩаны адгьыл иқәыз аҭәабаш дахьықәыршәу: "Бара зыхшыҩ ҭамлаӡо, бжьара зықәӡам Агра Гыргыры, лгәы дҭаччоит уи уажәы дахьиоу, лцәа лтәымкәа даныҟалалоз еиԥшҵәҟьа дазгәышьны, зрыцқәа шәны ишытҟәацра иҟаз ашьамышәыга афҩы лбаадо, лҽеиужьны, лҽеимыртаӷа…".
Аҵарауаҩ Аҵнариа апрозаик изы иааиарԥшуаз ахшыҩҵакқәа ҳаиҭарзыхынҳәуазар, иахьа иӡыраҳго ажәабжь акыр ианаалоит. Гогәуа исахьаркыратә ҩышьа аҿыцра, зсахьа ҭихуа афырхацәа рхаҭара, урҭ аҭоурыхтә фырхацәа ҳәа ззырҳәо излареиԥшым дазааҭгыло акритик абас иҩуан: "Ифырхаҵарадоу афырхацәа ҳәа рзуҳәар ауеит… Ал. Гогәуа ифырхацәа адәахьтәи рбиографиа дук аинтерес амам, урҭ аӡәгьы "ҳауп" ҳәа ззуҳәаша фырхаҵарак рымпыҵымҟьацт… Ашәҟәыҩҩы дзызҿлымҳау зфырхаҵара ауаа еицгәарҭахьоу ракәым, усҟак абжьааԥны ҳалаԥш иҵамшәо, аха аԥсҭазаара зыда ԥсыхәа амам "ауаҩы хәыҷы" иоуп". Ииашаҵәҟьан "Сара макьана сыҵурҟьар сузкуам" ҳәа зхы иазызҳәоз Агра аԥсҭазаараҿы жәлары рызҵаарақәа зыӡбуа лакәым, лара ҳааиагәара иҟоу, аха иаҳзеилымкаауа, ма иҳазгәамҭо дреиуоуп уҳәар ауеит. "Иахьатәишара илывагьежьуеит, илыкәшоит ани лгәалашәара ссир, Иара инаур, башьа амамкәа иахьниас-ааиасуа, аԥша лыннадошәа лбоит", - абас зҿара аамаҭазы зразҟы зцәыӡыз ԥҳәысны дцәыригоит Гогәуа ифырԥҳәызба. Ииашоуп, лыкәша-мыкәша иҟоу егьырҭ адәахьала дрылубаауа дыҟамзаргьы, гәыла ибеиуоу, ауаа зегь рааигәа имнеиуа абзиабара ду ныҟәызго лакәны дыҟоуп лара. "Ашьацәгьа" ззырҳәо аԥҳәыс уажәшьҭа ҩынҩажәа шықәса дырҭысхьазаргьы, автор дааирԥшуеит алаԥшыҵашәара иаҩызаны данқәыԥшӡаз илхьысыз абзиабара ныҟәызго лакәны.
Асиужет уазхьаԥшуазар, Иара ҳәа лара дзеиԥхыӡуа, наԥшыхақә ачараҿы лылаԥш зыдхалаз арԥысын : "Уи аҽны ачараҿ ус аӡәгьы деилаҳәамызт, икостиум еиқәаҵәа, ашәаӡеиԥш ишкәакәаз иблуз, рмаҟахы илахысуа зегьы иныҟәырго реиԥш акәымкәа, агалстук ҷыда аԥырԥалыкь еиԥш иблуз ахәда иаркны…", - абас дыгәнылкылеит Агра уи арԥыс усҟан "ахыҭҟьареиԥш лылаԥш уи данаарылнакаа". Илаԥшықәҵан ирымаз аҭыԥҳа, лылаԥш ари арԥыс ишидхалаз еицгәарҭеит ачараҿы, аха уи азымхакәа иаргьы дышгәеиҭаз рбеит : "Урҭ иаразнак игәарҭеит ании лареи рылаԥш шеиқәшәаз. Урҭ аҽакакәым рыԥшшәқәа рыԥсахит, ԥаса иныҵакны ирҳәоз рыкәша-мыкәша ираҳартә ирҳәо иалагеит, ҿыц илыдырбалазгьы нацҵаны". Иҵәрышкәаӡа иҟаз 16 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа, ахҳәаа лоурц азы, Иареи лареи "хара-хара, хаа-хаа" иахьеихәаԥшыз азхеит. Аха, уи адагьы, зацәажәарҭа лмоуз арԥыс, "дышцаз лдырт, избанзар убасҟак иҭацәыз ҭыԥ лымбацызт". Аха "ашьацәгьа" еилалгоит ауаажәларратә ԥҟарақәа, абар Гогәуа уи шааирԥшуа : "Лара дыҿҟьа-ҿҟьо рқыҭеи нырцәтәи ақыҭеи еиҩызшо, иагьдуцәам, иагьхәыҷцәам аӡиас аԥаҩ дынхықәххылеит, иара идырдыруа иҟаз ацҳаҵәры дықәлахьан…".. Гогәуа ахьӡ ацынхәрас егьырҭ ирҿиамҭақәа рҿгьы, абзиабара ихнахыз раарԥшразы ихы иаирхәоит Иара, ма Лара ҳәа ахьыӡцынхәрақәа.
Ароман "Аҽыкәаҳа" аҿы иаҳԥылоит афырԥҳәызба Шьасиа дзеиԥхыӡуа ихьӡ арбамкәа Иара ҳәа дшаликаауа: " Убри раԥхьатәи леиниара ашықәс инаркны, иахьа уажәраанӡагьы, лыҵкқәа, уеизгьы-уеизгьы, ирылоуп аҵкы жәҩангәаԥштәыла… Уи лшәылҵоит ес-ааԥны, аҿа анҵысуа… Уажәы мыш заҵәык ааԥнылтәыр лҭахуп, иахьазаҵәык ИАРА диԥылоушәаҵәҟьа… , - иҩуеит апрозаик. "Аҽыкәаҳа" аҿы иара убас Византиатәи алегион бзиа дызбаз Медеиа данлызхәыцуазгьы, еиҳарак ахьыӡцынхәрақәа роуп ихы иаирхәо: "Трахеи абаа ду иҭагылан ианеибашьуаз Уи, аԥсаҳәыс еиԥш дынхытыр-аахытыруа абаа дҭан…"; "Ари знык дылбеит, ари ҩынтә дылбеит. Дылгәаԥхеит уи".
Гогәуа иҩышьа астильқәа ҭуҵаауа уалагар, игәаумҭарц залшом ауаа иаԥырҵахьоу аԥҟарақәа еилазго, ма ирхыҳәҳәо афырхацәа рдунеи аилкаара дшашьҭоу. Даур Наҷҟьебиа иҳәан еиԥш "Рхымҩаԥгашьа дақәшаҳаҭымзаргьы, дара раарԥшраҿы бзиарак рхьиҳәон… Ргәаҭа идыруеит, уа дрыӷроуп иара…". Избан нас ашәҟәыҩҩы, "ифырхаҵарадоу афырхацәа" лымкаала дызрышьҭаз? Ари азҵаара ықәзыргылахьаз алитератураҭҵааҩ Аҵнариа истатиаҿы абас аҭак ҟаиҵоит : "Абри абжьара-уаҩы иԥсаҿы дҵәахызар алшоит ар рԥыза "ауаҩи ауааи" (аӡәи егьырҭи) реизыҟазаашьа аԥсихологиатә ҵаҵӷәы аԥшаара – абриоуп Ал. Гогәуа изы еиҳа ихадоу…". Гогәуа иааирԥшуа ауаа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа иахьагьы ҳаԥсҭазаара иалоуп, уажәы-уажәы ицәырҵуа ӡбатәқәоуп, ус иҟалозар акәхап ауаҩы адунеи дықәнаҵы. Абарҭ ахәыцрақәа шьақәзырӷәӷәо аҳәамҭа ҟаиҵоит Аҵнариа зыӡбахә сымаз астатиаҿы: "Ауаҩы заҵәи егьырҭи" реизыҟазаашьа – абриоуп ашәҟәыҩҩы изҵаара хада". Ажәабжь "Ашьацәгьа" ианыԥшуеит ауаҩы идунеи аҭҵаара иашьҭоу ашәҟәыҩҩратә психологиа змоу иакәны дшыҟоу автор.
"... Адоуҳатә еибарххара, агәалашәарақәа рыҵарра, еиҿыршәшәаны анализ рзураҿы Алықьса Гогәуа цлабҩы димам аԥсуа литератураҿы макьана", - абас алкаа ҟаиҵоит Аҵнариа Гогәуа ипроза ахәшьара азуа. 2006 шықәсазы Гогәуа иҩымҭақәа реизга 1 атом аԥхьажәа "Иацы – иахьатәи гәалашәараоуп, уаҵәы иахьатәи гәыӷроуп…" аҿы ашәҟәыҩҩ инарха дазхәыцуа Гогәуа абас иҳәоит: "Ииашан, аамҭа зегь еилнаргоит – иаԥсоу, иаԥсам, анарха змоу, измам, уарла-шәарла акәзаргьы – адунеи иахаанхо". Аҵнариа иажәақәа рахь ҳгьежьуазар, ашәҟәыҩҩы аамҭак данҳацанызгьы еилкаан ацлабҩы дышимамыз. Иахьа аԥхьаразы ишәыдызгало ажәабжь анҵәамҭаҿы автор ицәыригоит, Агра лшьара дықәзырҟьаз аҭагылазаашьа. Аԥҳәыс акыр шықәса лдунеи иаларсны илымаз, зны заҵәык ада илымбацыз Иара иԥсыжырҭа лара лмагана кны аԥҳәырхра дахьаҿыз ааигәара иҟаз ажәытә нышәынҭрқәа рҿы иҟалеит. Автор ишазгәеиҭаз еиԥш "дара рынхарақәа карыжьит, аха наӡаӡатәи рабацәа рынхарҭақәа - аԥсыжрақәа рахь иаанагоит". Уаргачамкуеит, автор угәуҽанӡамкәа ицәыриго ахҭыс. "Аԥсы иҿы хҩан, аха иблуз ахәда иныҵакны аԥырԥалыкь еиқәаҵәеиԥш агалстук ҷыда аԥсы иқәыршәыз атлаз шьаршьаф ианыԥшуашәа лбеит. Лгәы нҭыԥсааит". "Уи Иара иакәын!", - иааҿахиҵәоит автор анаҩсан, зразҟы зыцымныҟәаз, иҳашҳатәраха игылаз Агра лыԥсҭазаара ацыԥҵәахаҿы акәаԥқәа ргыло: "Ҩынҩажәа ракәымкәа, хынҩажәа зхыҵхьоу леиԥш лмаха-шьаха зегьы кыдӷәыхаа дахьгылаз ахы лгәыҵашәазшәа даақьит"…
P.S: "Ашьацәгьа" Алықьса Гогәуа иҩит 1986 шықәсазы хәажәкыра – цәыббра рыбжьара. Усҟан иара 54 шықәса ихыҵуан. Ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит Гогәуа иҩымҭақәа реизга 3-тәи атом аҿы.