Урыстәыла

Путин: Урыстәылеи Аԥсни рҿар активла реимадара аҩҳәынҭқаррак рзы акырӡа аҵанакуеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҿар активла реимадара аҩҳәынҭқаррак рзы акырӡа аҵанакуеит, урҭ рырҭбаара, уи азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара хымԥадатәиуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, атәыла арегионқәа рҿы аҿартә комплексқәа раартра даналахәыз.
Аԥснынтәи "Таврида" аҟазаратә кластер алахәыла Урыстәыла ахада авидеоеимадара аформат ала иалҳәеит иахьа "Таврида" ишхыркәшахаз аҟазаратә школ "Аԥсны амаршрутқәа", уи ареспублика ахаҭарнакцәа шалахәыз.
"Сгәанала, даараӡа ибзиахон ареспублика анапхгареи шәареи аимадарақәа рырҭбаара иазкны шәеилацәажәар, урҭ аимадарақәа шәреспубликаҿы инхо аҿар рзы ихәарҭахарц, Урыстәылеи Аԥсни реимадара арӷәӷәартә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥҵахарц азы", — ҳәа иазгәеиҭеит Путин.
Уи инаҵшьны иҳәеит ари ареспублика ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы, Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рзы даара акыр зҵазкуа усуп ҳәа. Авидео: Кремль. Ахҭысқәа