Аԥсны

Урыстәылатәи апроект "Афырхацәа реиԥхныҩлара" еиԥшу апроект "Аԥсуа ҳәаа" еиҿкаахоит Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи апроект "Афырхацәа реиԥхныҩлара" еиԥшу апроект "Аԥсуа ҳәаа" еиҿкаахоит Аԥсны.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәа раԥшьгара адгылара аиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
"Апроект ашьхатәи абнатәи ҭыԥқәа рҿы 3-5 километра рҟынӡа иҟоу ԥынгылатә цәаҳәоуп, еиуеиԥшым аҳәынҵәамҩақәа, аӡхысырҭақәа, ашахарҳәра, ахрақәа рҿалара, акомандатә етапқәа аҵанакуеит", — иҳәеит аицлабра афиналист Нури Ҭарба.
Хықәкыс иамоуп абаҩрҵәыреи аспорти, акомандатә гәалаҟазаареи апатриотизми рыҿиара, иара убасгьы аспорттәи ауаажәларратәи проектқәа реиҿкаара аусхк аҟны жәларбжьаратәи апартниорра арӷәӷәара.