АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Ақалақьтә Еизара аилатәараҿы Аҟәа ақалақь агерб шьақәдырӷәӷәеит.
Агерб азы аԥҟарақәа адепутатцәа ирыдыркылеит нанҳәамза 1998 шықәсазы. Уи аԥшьгаҩ, усҟантәи ақалақь ахада Гарри Аиба аилатәараҿы ақалақь агерб аԥҵаразы аицлабра рылеиҳәеит. Акомиссиа аихшьаалақәа рыла иалхын асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан иусумҭа.
Иахьа ирыдыркылаз аԥҟара ҿыц аҿы адепутатцәа асимволқәа рыхҳәаа аҿы ахарҭәаарақәа аларгалеит, ишьақәдыргылеит агерб ахархәара аналшо, иахьалшо атәы.
Адепутатцәа реиԥылараан, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иҳәеит, иааиуа ашықәс азы аҿыԥшыгатә герб аҟаҵара ахшыҩҵак дшадгылаз ақалақь ахада Ҭемыр Агрба. Уи аҳҭнықалақь Ахадараҿы иҵәаххоит.