Аԥсны

Аԥснытәи ашколқәа амаҭәахә ҿыцқәа роуит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аԥснытәи ашколқәа амаҭәахә ҿыцқәа роуит ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра.
Урыстәыла ахада игрант ацхыраарала апроект "Ашколтә лабораториақәа. Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны иҿыцу аҵаратә еиқәыршәақәеи амаҭәахәқәеи аахәан.
Аилахәыра "ФИРОН" ареспублика ҳамҭас ианаҭеит аробототехникатә еиқәыршәагақәа, аинтерактивтә панельқәа, акомпиутерқәа, 3D апринтерқәа, афизикеи, ахимиеи, абиологиеи рҵаразы алабораториатә еиқәыршәагақәа. Аминистрра урҭ ашколқәа ирзнашеит.
"Ари аҵаратә процесс ахь ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалареи ҳҵаҩцәа рылшарақәа аҿиара рыҭареи рганахь ала ишьаҿа дууп", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.