Аԥснытәии урыстәылатәии аҟазауаа рԥышәа аимадара, рырҵаҩратә ҟазара аизырҳара иазырхоуп ари апроект рҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ашкол алахәылацәа, ахәыҷбаҳҷа "Алакә" аиҳабы Ирма Гәбазԥҳаи ахәыҷтәы арҿиаратә центр анапхгаҩы Есма Асабуаԥҳаи.
Ахәыҷбаҳча аиҳабацәа раԥхьаӡакәны иалахәуп аиԥш зеиԥшу аҟазаратә школ, ҳара алекциақәа даҳзаԥхьоит Нижни Новогород аҟынтәи иааз аспециалист ҳәа азгәалҭеит ахәыҷбаҳҷа "Алакә"аиҳабы Ирма Гәбазԥҳа. Лара лажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы илбо илаҳауа гәахәарыла илыдылкылоит, иацу аҵаки ахәшьареи рыҭара уадаҩуп.
Асабуаԥҳа иазгәалҭеит ажәытәи-аҿатәи еидбаланы, иахьатәи ахәыҷқәа рҭахрақәа ирықәшәо аматериал аиҿкаара шрылшо.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.