Аԥсны

Тамшьтәи адесант аӡхыҵраан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аԥсны

Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Тамшьаа рҵеицәа рбаҟа амҵан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аибашьцәа иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ихадоу ажәыларақәа руак – Тамшьтәи адесант рыӡхыҵра амш иазкуп.

Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, адепутатцәа, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, аветеранцәа.
32 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала.