АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. 2024–2025 аҵарашықәс еихызшьаало аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз мҩаԥысуеит аҳәынҭфилармониаҿы Аҟәа.
Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит атәыла ахада Бадра Гәынба, ирзеиӷьеишьеит анасыԥ, аманшәалара, агәабзиара.
"Шәара абаҩхатәра змоу, иазыҟаҵоу, зыԥсадгьыл бзиа избо шәакны шәыҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп, шәара ишеилышәкаауа шәҿаԥхьа ишьҭоу аҭакԥхықәра", — иҳәеит атәыла ахада.
Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1885-ҩык, урҭ рҟынтәи хҩык ахьтәы медалла иалгеит, ибзиаӡаны рҵара хдыркәшеит 60-ҩык.