Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҿы закәаншьаҭада иқәыргылаз аӡыргаратә ӷәқәа ықәыргеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы закәаншьаҭада иқәыргылаз аӡыргаратә ӷәқәа ықәыргеит.
Аҳҭнықалақь ахадара аусзуҩцәа зинда иқәыргылаз аӡыргаратә ӷәқәа ааба ықәыргеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Аҳҭнықалақь ахадара ахаҭарнак Инал Абыхәба ишазгәеиҭаз ала, "Аӡыргаразы" азакәан инақәыршәаны, акәыршақәа, ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа, иара убас аныҟәареи арыцқьареи иахьырԥырхагоу аҭыԥқәа рҿы аӡыргаратә ӷәқәа рышьақәыргылара ҟалом.
Зинда ашьақәыргылара, аӡыргараз ашәахтә амшәара ма аԥсуа бызшәада аӡыргара аларҵәара аан арҭ аҭагылазаашьақәа еилазго ахараԥса рықәырҵоит.
Ҩышықәса рыҩнуҵҟа 80 ӡыргаратә ҭыӡқәа ықәыргахьеит.