Аԥсны

Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аҿаԥшылара ҿыц QR-код ала алхра ҟалоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аҿаԥшылара ҿыц QR-код ала алхра ҟалоит.
Абжьыҭара алшара рынаҭоит иргәаԥхаз ахәыҷтәы хәмарҭақәеи, аспорттә ҭыԥқәеи, ақаҳуажәырҭа "Брехаловка" аҿаԥхьа иҟоу асқьали, арлашагақәеи ралхразы.
Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, абжьыҭара ҩымз имҩаԥыслоит. Уи иалахәхар рылшоит Аԥсны иқәынхо реиԥш, егьырҭ атәылақәа рҟны инхо ауааԥсырагьы. IP-аҭыӡҭыԥк ала знык ауп абжьыҭара аныҟало.
Аусурақәа ирылагоит жьҭаарамза 1 инаркны, ихыркәшахоит — иааиуа акурорттә аамҭа алагамҭазы. Аусурақәа нарыгӡоит апроект афинанстә цхыраара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Нижни Новгород рҟынтәи аргыларатә еиҿкаарақәа.