АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҟәатәи ақьафурҭақәа рҿы анџьныртә ҳақәа реилагарақәа раарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит.
Аусзуҩцәа ашшанкылагақәеи араӡагақәеи ыҟоу-иҟаму гәарҭон. Урҭ рыҟамзаара ацрыҵцарҭақәа ҭадырчуеит, акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа аҵеџьқәа рҟынтәи ашша напыла иҭыргар акәхоит.
Игәаҭаз жәа-обиектк рҟынтәи иахәҭоу аиқәыршәагақәа акызаҵәык аҿы мацара ауп иахьышьақәыргылаз ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Лаша Зарандиа иажәақәа рыла, ақалақь аҿы иҟоу акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи зегьы рҿы ареидқәа мҩаԥгахоит, 30 мшы ирылагӡаны уаҟа ацрыҵӡқәеи ашшақәеи рҟынтәи арыцқьаразы аизакырҭақәа шьақәыргылазарц абжьгара ҟаҵоуп.
Уи адагьы, амаҵзура амашьынаӡәӡәарҭақәа русурагьы агәаҭара мҩаԥнагоит.