Аԥсны

Аԥснытәи ашколқәа ахимиеи, афизикеи, аробототехникеи рҵаразы ахархәагақәеи роураны иҟоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Ахимиеи, афизикеи, аробототехникеи рҵаразы акомпиутерқәеи алабораториатә хархәагақәеи роураны иҟоуп 149 аԥснытәи ашколқәа.
Ареспубликаҿы ари ахырхарҭала аусура иалагеит ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы имҩаԥысуаз афорум "Машук" аҿы аԥснытәи ашколқәеи ҳареи ҳаимадара ашьақәгылара ашьҭахь иҳәеит апроект анапхгаҩы Дмитри Пашьенко.
Актәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколқәа рҭыӡқәа рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афырхацәа ирызку амуралқәа жәаба ҭыхын, антерактивтә патриоттә цәыргақәҵақәа 151 мҩаԥган. Апроект ныргӡоит — Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.
"Ҳара хаҭала ареспублика ашколқәа зегьы ҳрылсит, дасу ирҭаху еилаҳкаарц азы. Џьоукы ацифратә классқәа алырхит, егьырҭ — алабораториақәа, аа-школк дронла аҵара анагӡара рҭаххеит", — азгәеиҭеит иара.
Абҵарамзазы Адлер ақалақь аҿы аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы афестиваль еиҿкаахоит. Пашьенко инаҵшьны иазгәеиҭеит, акоманда апроект ахыркәшара ашьҭахьгьы ареспубликаҿы аусура ацҵара азгәаҭаны ишрымоу.