АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәылатәи аконсул дырԥылеит Sputnik Азербаиџьан аредактор хада Игорь Картавыи аредактор-еиҳабы Евгени Белоусови.
Дара фатәи-жәтәи рыла еиқәыршәоуп, иҟоу аҭагылазаашьаҿы ргәабзиарагьы ԥырхага амамкәа иҟоуп ҳәа аанацҳауеит @SputnikLive.
Уи аԥхьа адырра ҟалахьан Азербаиџьан атәылауаа Sputnik аусзуҩцәа хәҩык рхы иақәиҭтәуп атәыла ишалымҵуа азы ақьаад рнапы аҵарҩны.
Рашәарамза 30 рзы Азербаиџьантәи азинхьчаҩцәа Бақәа иааныркалеит урыстәылатәи ажурналистцәа ҩыџьа — Sputnik аредактор хада Игорь Картавыи, аредактор-еиҳабы Евгениа Белоусовеи. Аҭыԥантәи АИХ-қәа рдыррақәа рыла, дара "ФСБ иагентцәоуп" ҳәа ахара рыдырҵоит.