АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭалараз ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит.
Адокументқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 12 рҟынӡа. Сынтәа 1041 ҭыԥ шьақәырӷәӷәоуп — абиуџьеттә 387, аҵараҵаразы зыхә шәатәу — 674, абри атәы иҳәеит адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Адгәыр Какоба. Аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" аихшьаалақәа рыла 142-ы аушьҭымҭацәа аҵариуарҭа рахыԥхьаӡалараз ажәалагала ҟаҵоуп.
Какоба изагәеиҭеит реиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа ишреиуоу "атуризм", "азиндырра", "аекономика". Аматематика, афизика, ахимиа азанааҭқәа алызхуа рхыԥхьаӡара еиҵоуп иҳәеит иара. Какоба агәыӷра аарԥшит сынтәа арҭ ахырхарҭақәа иадҵаало рацәаҩхап ҳәа, избанзар арҭ амаҭәарқәа рыла арҵаҩцәа разымхара ыҟоуп.
Иара убас ауниверситет аҟны аԥсуа бызшәазы рдыррақәа гәазҭо акомиссиа аус ауеит, уи иабзоураны абызшәазы азыҟаҵара бзиа змоу рыла агәыԥқәа реиҿкаара алыршахоит.