Аԥсны

25 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа аанагеит "Диоскуриа" рашәарамзазы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Рашәарамзазы афымцадәыӷба "Диоскуриа" 25 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа мҩаннагеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥснытәи аихамҩақәа ранџьныр ​​хада Леонид Ҟәыруа.
Иара иажәақәа рыла, есымза апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит.
"Афымцадәыӷба даара иманшәалоуп. Сгәанала, авокзалақәа рхаҿра аиҭашьақәыргылараз имҩаԥааго аусурақәагьы ареспубликахь иаауа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизҳара иацхраауеит", — ҳәа иҳәеит Ҟәыруа.
Адәыӷба "Диоскуриа" рашәара 1 азы аусура иалагеит. Иара есыҽны Аҟәеи Сириуси рыбжьара ҩынтә ибжьысуеит.
Аԥсны
Афымцадәыӷба "Диоскуриа" Аҟәатәи авокзал иаадгылеит