Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: ауарӷантә музыкатә концерт, аспектакльқәа, ацәыргақәҵа

Акультуратә афиша ԥхынгәы 7 инаркны 13 рҟынӡа. Шәаԥхьаны шәкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
Sputnik
Sputnik

Аԥсуа драматә театр

Ԥхынгәы 9 асааҭ 19:00 рзы Аԥсуа драматә театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит аспектакль "Ҳауа идагәада".
Ԥхынгәы 11 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп".

Пицундатәи ауахәама

Ԥхынгәы 7 асааҭ 17:00 рзы ауахәама аконцерттә зал аҟны имҩаԥысуеит ауарӷан-вокалтә музыкатә концерт.
Ԥхынгәы 8, 11 асааҭ 17:00, ԥхынгәы 13 асааҭ 20:00 рзы – Лука Гаделиа иуарӷантә музыкатә концерт.
Ԥхынгәы 9 асааҭ 17:00 рзы – ахортәи ауарӷантәи амузыкатә концерт.

РУСДРАМ

Ԥхынгәы 7 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аклиникатә хҭыс".
Ԥхынгәы 8 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ихьӡыдоу аеҵәа".
Ԥхынгәы 11 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Оскар"
Ԥхынгәы 12 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ахьча Махаз".
Ԥхынгәы 13 сааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Абацәеи ахшареи".

Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа

Ԥхынгәы 8 асааҭ 20:00 рзы – урыстәылатәи арок-гәыԥ "Комната культуры" аконцерт.

Аҿар ртеатр

Ԥхынгәы 7 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара".

Аԥсны Абанк амузеи

Ԥхынгәы 15-нӡа – ацәыргақәҵа "Аҟәа. Аколлекционер иблала".