АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аҟәа Ақырҭаа имҩаду аҿы аспорттә дәы ҿыц аартуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Араҟа ашьапылампыл, амҵәышәымпыл, анапылампыл рыхәмарҭа ҟалоит, абаҩрҵәыра аҭыԥи, ахәаԥшцәа рзы аҟәардәқәеи ҟаҵоуп.
Аспорттә ргылара ҿыц аартра рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.
Апроект афинанстә цхыраара анаҭоит аиҿкаара "Урыстәыла ҿыц" Краснодартәи аҟәша. Иааизакны урҭ 12 ҭыԥ рыргылара ргәы иҭоуп: Аҟәа ақалақь аҿы ааба, Тҟәарчал - ҩба, Очамчыреи Гали - акака.