АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Уаҵәы Очамчыра Ақалақь амш азгәарҭоит.
Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшаҽны. Сынтәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп абаҟа ҿыц аартра, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аҭыԥантәи анапҟазареи рцәыргақәҵа, аконцерт, адискотека.
Ахәыҷӡақәа рзы Очамчыра ахадара еиҿнакаауеит аниматорцәа ршоу, ашәаҟьатә ныҳәа, аҵааршәи, ашьақарбамбеи, аҩсҭааџьықәреии рызшара.