АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аспециалистцәа быжьҩык Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы асезон азы аусура иалагахьеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Иазгәеиҭеит акурорттә аамҭазы ахәшәтәырҭақәа рҿы аусутә шырацәоу, иара убасгьы ишазымхо иҷыдоу ахырхарҭақәа рзы аспециалистцәа.
"Ҳазҭагылоу аамҭазы араҟа быжьҩык урыстәылатәи аспециалистцәа ыҟоуп – ареаниматорцәа, апедиатрцәа, атравматологцәа, даҽакала иуҳәозар, аԥхынразы еиҳа иҟалало аахақәеи ачымазарақәеи зусура адҳәалоу", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Сергеи Кириенко иҳәеит, иаҭаххар, Урыстәылантәи иаауа аҳақьымцәа рхыԥхьаӡара ишацырҵо.
Иазгәеиҭеит ишеиликаауа ара аусура иаауа урыстәылатәи аҳақьымцәа шьоукы Аԥсны ааныжьны шьҭахьҟа агьежьра ахьырҭахым, ара нхара ҳәа иаангылазгьы шыҟоу.
"Иҟаимаҭуп, урҭ еилукаар ауеит. Уаацыԥхьаӡа Аԥсны аԥшӡара анубалак, арантәи џьаргьы уцар уҭаххаӡом", — ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Амилаҭтә галереиаҿы апресса рахь дцәырҵны рызҵаарақәа аҭак аныҟаиҵоз.