70 шықәса ихыҵит археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиатә ҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа.
Аиубилиар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иԥстазааратә мҩа, изанааҭ абзиабара, аԥхьаҟатәи игәҭакқәа. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.