АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл афедерациа ахәыҷқәа разыҟаҵаҩцәа алицензиа рыҭара апрограмма хацнаркит.
"Ҳара ари аус адаауылоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Рыцҳарас иҟалаз, уажәоуп ҳамбициақәеи урыстәылантәи иааз аҟазацәеи реинраалара анҳалшаз", — иҳәеит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа ахада Шабаҭ Логәуа.
Иара иажәақәа рыла акурс мҩаԥысуеит алицензиа аиуразы мацара акәымкәа, азыҟаҵаҩцәа рхаҭақәа рылшарақәа ахәшьара рыҭаразгьы. 73 зыҳәа рҟынтәи 70 ибзиоуп ҳәа рыхҳәаауп, урҭ рҟынтәи 60-ҩык аҵарахьы инашьҭуп. Быжьҩык азыӡырыҩцәа акурс иалхуп, урҭ ԥхынгәы 17 рзы имҩаԥысраны иҟоу аԥышәара аҭара рылшом.
Урыстәылатәи азыҟаҵаҩ Роман Рогов еиҭеиҳәеит акурсқәа рыпрограмма FIFA аҿырԥшыгақәа рыла ишышьақәгылоу.
Азыҟаҵаҩцәа адырра хадақәа рырҭоит, ҳаамҭазтәи аметодикақәа ддырдыруеит, ахәмарратә процессқәа ранализ ддырҵоит.
Апрограмма иаҵанакуеит ашьапылампыл асра адәаҿы ахәмарра атеориеи апрактикеи.
Ашьапылампылтә академиа "Гәдоуҭа" азыҟаҵаҩ Алмасхан Џьниа иазгәеиҭеит ашьапылампыл иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазлеиҭанакуа ала, ас еиԥш аттестациа амҩаԥгара акыр шаҵанакуа.