Аԥсны

Аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәымпыл азы жәларбжьаратәи атурнир аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 Sputnik. Аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәымпыл азы жәларбжьаратәи атурнир "Кавказ ажәларқәа реиҩызара ахраҿа" аатит Аҟәа ақалақь аҿы.
"Ари жәларбжьаратәи ҳтурнир — аҵакы ҵаулоуп, ҳара даара иаҳҭахуп еиҳа ирацәаны акомандақәа ааларц. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иалахәу зегьы, ахәмарра бзиақәа ҳшәырба!", — абас иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы и.н.Ҭарашь Ҳагба.
Аицлабрақәа ԥхынгәымза 20 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Урҭ рхы рыладырхәуеит Аԥсни, Ҟарачы-Черқьессиеи, Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи акомандақәа.