Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауахьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 122 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 Sputnik. Уахыкала Урыстәылатәи аҳауахьчаратә мчқәа атәыла арегионқәа рҿы украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 122 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
43 кажьын Бриансктәи аобласт аҿы, 38 – Курсктәи аобласт аҿы, 10 – Орловтәи аобласт аҿы.
Фба-фба Смоленсктәии Воронежтәии аобластқәа рҿы, хәба – Белгородтәи аобласт аҿы, хԥа-хԥа – Москватәи арегионқәа рҿы, Ҟрым, Калугатәи аобласт аҿы. Ҩба-ҩба– Липецктәии Ленинрградтәии аобластқәа рҿы, акы – Тулатәи аобласт аҿы.