АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Аџьармыкьа хада аҟнытә агәамсам ақәгара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аџьармыкьа аиҳабы Алхас Гәыргәлиа иажәақәа рыла, ахәаахәҭратә цәаҳәақәа рыкәша-мыкәша анеирҭа ахьыҟам иахҟьаны ҽынла агәамсамҭрақәа рахь анеира проблема хаданы иҟоуп. Агәамсам еизоит шьыжьӡа инаркны, аҭиҩцәеи аахәаҩцәеи рыбжьара ахәаахәҭра анымҩаԥысуа аамҭазы.
Аҳҭнықалақь ахада адҵа ҟаиҵеит ақалақь Аҳәынҭавтоинспекциа аус ацуразы, агәамсам еизызго атехника ҽынла аус ауыртә аҟаҵаразы. Иагьазгәеиҭеит, аџьармыкьаҿы ацқьара ашьыжь мацара акәымкәа, амш зегьы ишаҭаху.
Акоммуналтә усбарҭақәа иазгәарҭеит агәамсамҭрақәа ирласны ишҭәуа, аиҳарак урҭ ааигәа иҟоу аҩнқәа рҿы инхо ауаа рхы иахьадырхәо ишахҟьо.
Иара убасгьы иалацәажәеит, агәамсамҭрақәа реиҭагараз иҟоу алшарақәа ртәы. Аҩнусбарҭа аиҳабы идҵан ари араион аҿы ианаало аҭыԥ иԥшаарц.