Аԥсны

Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони асабша, ԥхынгәы 19 рзы лашарада иаанхоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 Sputnik. Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони уаҵәы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоу аиҭашьақәыргыларақәа инарымаданы ԥхынгәы 19 асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа астанциа маҷқәа "Баӷмаран-1", "Баӷмаран-2" дырцәоит.
Иара убас, аамҭала лашарада иаанхоит астанциа еиҵақәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2".