АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Гәдоуҭа араион иаҵанакуа ашколқәа реиҳабацәа алархәны анҭыҵтәи аиԥылара мҩаԥылгеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ааӡаратә усура азҵаатәқәеи, акласс анҭыҵтәи арҵаратә усмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу.
Ашколқәа реиҳабацәа ирымоу ақәҿиарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы еибырҳәеит. Ирылацәажәеит ирымоу ауадаҩрақәа рыӡбараҟны аҭыԥантәи анаԥхгареи аусбарҭақәеи дареи русеицура, иназыцҵоу алшарақәа радԥхьалара.