АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Ашколқәа рҿы ааӡаратә усмҩаԥгатәқәеи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа иназыцҵоу рызшәарақәеи ртәы иалацәажәеит атәыла ахада Бадра Гәынбеи аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи. Убри инамаданы аҳәынҭқарра ахада цәыббра инаркны есымза аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа хә-нызқь мааҭ рзацырҵарц шырӡбаз атәы иҳәеит.
Гәынба Аҵарадырра аминистрра адҵа аиҭеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи апедагогика аинститути рыцырхрааны ахәбатәи акласс инаркны Аԥсны аҭоурых амаҭәар алагаларазы ажәалагалақәа еиқәдыршәарц.
Иара убасгьы, аҳәынҭқарра ахада аминистрра анапынҵа аиҭеит еилыркаарц ашколқәа рҿы аклассқәа рнапхгаҩцәа шаҟаҩы ыҟоу.
Иҳәеит аклассқәа рнапхгаҩцәа иназыцҵоу ашәарақәа рзы аҳәынҭқарра ахәаԥшырц шалшо.
Хана Гәынԥҳа аҳәара ҟалҵеит Аԥсны агеографиа арҵага шәҟәы аиҭаҭыжьразы аԥшьгара адгылара аҭаразы, уажәтәи аҵарадырра ҭахрақәа ирықәшәом ҳәа аҟазацәа иахьазхарҵаз инамаданы.