АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Аԥсны Урыстәыла иҟоу аҿартә еиҿкаарақәеи иареи реимадара арӷәӷәоит ҳәа Sputnik апресс-центр аҟны иҳәеит Аҳәынҭспортеилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Беслан Аршба.
"Ҳара ҳҽазаҳшәоит аԥснытәи аҿар адунеизегьтәи амшхәаԥштә ралагалара, ахӡыргара рылшарц, рҟыбаҩ аадырԥшразы. Ҳара имаҷымкәа аҟыбаҩ ҷыда злоу аҿар ҳамоуп, аха урҭ асоциалтә цхыраара рҭахуп", — иҳәеит иара.
Аршба иажәақәа рыла, ареспубликаҿы урыстәылатәи аҿартә еиҿкаарақәа системала аус рыцура шьақәыргылахоит. Аиҩыза хаданы иҟоуп 190-тәыла инареиҳаны ҭыԥк аҿы еидызкылаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа.
"Аԥснытәи алахәылацәа Сириус имҩаԥысыз афестиваль аҿы рхы даара ибзианы иаадырԥшит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.