АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Аԥхьахә ранаршьоит ахәыҷқәеи аҿари ирызку аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы акыр зҵазкуа цәырҵраны иҟалаз, ауаажәларра рҿы инарҭбааны азхаҵара зауз арҿиамҭақәа рзы.
Апоезиа, апроза, адрама ржанрқәа рыла 2022, 2023, 2024 шықәсқәа рзы икьыԥхьу асахьаркыратә рҿиамҭақәа аицлабра ралахәразы азин ыҟоуп.
Арҿиамҭақәа аицлабрахь инаргар ауеит: аҵареи акультуреи русбарҭақәа, арҿиаратә еидгылақәа, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, егьырҭ аиҿкаарақәеи рредакциақәа.
Аицлабра алахәхаразы ашәҟәқәа рыдкылара мҩаԥысуеит 2025 шықәса жьҭаарамза 17 рҟынӡа.