Арадио

Амаининг аҿагыларазы Аҟәа ҩаԥхьа аштаб аусура хацыркуп

Sputnik
Аҳҭнықалақь аҿы амаининг аҿагыларазы аоперативтә штаб аусура еиҭахацыркуп. Аштаб аиҳабы ҿыцс дҟаҵоуп аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба. Аилацәажәараҿы иара агәаҭарақәа рымҩаԥгара еиҭалагаразы анапынҵа риҭеит еиҭаҵуа агәыԥқәа. Урҭ рахь иаҵанакуеит: ақалақь анапхгара, Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа, Аҟәатәиафымцеихшарҭақәа русбарҭа, "Амшынеиқәафымцамч", "Афымцаҭира" рхаҭарнакцәа. Еиҭахацырку аштаб аусура уажәы ишышьақәгылазаауа, уи аԥхьа амаининг аҿагыларазы алҵшәақәа риуразы иҟаҵаз, ирзалмыршаз, уадаҩрақәас иҟоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭа аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.