АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Пицунда иқәынхо Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра ахада Пицунда ибеиоу аҭоурыхи иблахкыгоу аԥсабареи рыла ирылукаауеит, убри аангьы ақалақь ауааԥсыра рысасдкылашьа шьахәуп ҳәа азгәеиҭеит.
"Аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳмаршәарц залшом аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз пицундаа. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәықалақь гәакьахь ишәымаз абзиабара еиқәырханы, иамаз ахьӡ-аԥша аихаҳара шәаҿуп", — иҳәеит иара.
Аныҳәатә концерт аламҭалазы Аԥсны ахада даҭааит жәларбжьаратәи агастрофестиваль.