АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. 40 усумҭа инеиҳаны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иалҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка, аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Гәлиза Аҩӡԥҳа.
Аусумҭақәа равторцәа лара лҭаацәа роуп — еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа Хәыта Аҩӡбеи Венера Гагәлиеи, иара убас лашьа — Ҭемыр Аҩӡбеи.
"Ҳҭаацәа анԥсы ашьҭахь, сашьеи сареи асахьақәа абаҳго ҳәа азхәыцра ҳалагеит, урҭ 60 инареиҳаны аҩны иҟан. Асахьақәа аҩны рыҟазаара ҵакы амаӡам, избан акәзар аҟазацәа ауаа ирбарц азы ауп асахьа зҭырхуа", — лҳәеит лара.
Аҩӡԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны Асахьаҭыхцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амцакра ишалаблыз лҭаацәа русумҭақәагьы.
Амилаҭтә галереиа ахыбра ҿыц дыргылоит ҳәа ажәабжь анҳаҳа асахьақәа рыхәҭак ҳамҭас иаҳҭарц ҳаӡбеит лҳәеит лара. Мызқәак раԥхьа Ҭемыр иԥсҭазаара далҵит, аха Гәлиза лашьа игәазыҳәара налыгӡеит.
Аԥсны Асахьаҭыхцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра ааха ӷәӷәа аиуит 2024 шықәса ажьырныҳәа 21 руха иҟалаз абылраан. 4000 инарзынаԥшуа аҭыхымҭақәа 200 рыда зегь амца иалаблит. Жәабранмзазы Пушкин имҩаҿы иҟоу аус зымуа Амилаҭтә галереиа ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Ԥхынгәы 11 рзы Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра ҿыц аартын.