АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба даҭааит ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы Ауадҳара еиҿкаау аспорт-гәабзиарахьчаратә лагерь.
Алагерь аус ауеижьҭеи хышықәса ҵуеит, еиҿнакаауеит — Афонҿыцтәи аҿартә еиҿкаара "Аԥсар", абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аԥхын иалагӡаны 500-ҩык ахәыҷқәа рыдыркылоит ареспублика еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи. Дара ашьханыҟәарақәа рахь ицоит, ахыци-ахәымпали рыла ахысшьа рҵоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирԥылоит, аспелеологиа аганахьала ихадароу дыррақәа рзеиҭарҳәоит.
Гәынба иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу алагерқәа рҿы аԥсшьара ахәыҷқәа шеиднакыло.