Аԥсны

Кьиут далахәын Урыстәыла АҩАР Академиа аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьара

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Волгоград ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Академиа аԥснытәи аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьара далахәын.
Сынтәа аҵараиурҭа иалгеит ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа — криминалистцәоуп, егьырҭ "Аҩнуҵҟатәи аусқәа заанаҵтәи аҭҵаара" азанааҭ ала рҵара хдыркәшеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзураҩ.
Кьиут аушьҭымҭацәа адипломқәеи агәышԥтәы дыргақәеи ранеишьеит. иара иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҿарацәа аҭакԥхықәра ду шрыду, урҭ рзанааҭтә еизҳара аҿы аминистрра анапхгара ацхыраара шыҟарҵо.
Аԥсны
Урыстәыла АҩАР иатәу аҵараиурҭақәа ирҭалаз аԥснынтәи акурсантцәа рҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит