АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа Воронов имҩаду ахәҭак аҿы ҩ-ганктәи амҩанысра еиҭашьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Иара аартуп Аиааира апроспекти Арӡынба имҩадуи ирыбжьоу ахәҭаҿы.
"Асветофор ргылоуп, аныҟәаразы амҩа аартуп. Аквартал ҩ-ганктәихеит", — ҳәа иҳәеит амҩатә шәарҭадара аиҿкааратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Абӷаџьаа.
Уаанӡа, амҩеихдаҿы амашәырқәа ахьырацәаз иахҟьаны иаркын.