Абиуџьет ахарџь ала ицо аиҭашьақәыргыларатә усқәа: “Аԥсныргылара” анапхгаҩы ицәажәара

Sputnik
Аԥыза-министр Владимир Делба Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниеи Аҳәынҭқарратә еилакы “Аԥсныргылара” анапхгаҩы Руслан Тәанбеи дырԥылеит. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны автотранспорт, акоммуникациеи анџьныртә обиектқәеи реиҭашьақәыргылареи, иара убас аҵаратә, акультуратә, уҳәа ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахарџь ала инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәеи, аҿҳәара иҭагӡаны ихыркәшахо аусурақәеи ртәы еиҳа инарҭбааны Руслан Тәанба ицәажәараҿы.
Аудиофаил аҟны хыхь аицәажәара шәаҳар шәылшоит.