АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда урыстәылатәи амедиашьапылампылтә лигаҿы ихәмарлоит.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада Шабаҭ Логәуа иҟаиҵаз аҳәара аҭакс ари азҵаараҿы адгылара шыҟаиҵо агәра ииргеит.
Акоманда Амедиалига иалахәылахарц 5-7 миллион мааҭ рҟынӡа аҭаххоит, урҭ ашықәс нҵәаанӡа еицлабрада арзоужьра алшоит ҳәа иҳәеит Кириенко. Уи ашьҭахь, Афедерациа агрант аиуразы арзаҳал аланаҵароуп, апартниорцәа рыԥшаара иашьҭалароуп.
Уаанӡа Урыстәыла Аҿар ршьапылампыл алига (МФЛ) аоперациатә директор Дмитри Кәартаа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәахьан Аԥсны ахәмарра ҿыцқәа рымҩаԥгареи аԥснытәи акоманда Амедиашьапылампылтә лига асезон зегьы алахәхареи ртәы.