Аԥсны

Асоциалтә ҵакы змоу аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы ааизакны 115 миллион мааҭ инаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рзы аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара хацдыркит.
Абри азы Аҟәа имҩаԥысыз асеминар аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд анагӡаратә напхгаҩы Антон Долгов.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.
Долгов иазгәеиҭеит, агрантқәа 115 миллион мааҭ шыҟоу, уи апроектқәа рымҽхак инақәыршәаны гәыԥ-гәыԥла ишеихшоу. Асаит ахь арзаҳалқәа рынашьҭра рылшоит аполитикатә еилазаарақәа рыда, иарбанзаалак икоммерциатәым аиҿкаарақәа, иара убас аҳәынҭқарратәии аҭыԥантәии усбарҭақәа русзуҩцәа, активра злоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Дара аҭоурыхтә гәалашәара, аҭаацәаратә мазарақәа, акультуратә ҭынхақәа реиқәырхареи асоциалтә, аекологиатә проблемақәа, мамзаргьы иалкаау аҵакырадгьыл апроблемақәа рыӡбареи ирыдҳәалоу апроектқәа адыргалароуп.
Апроектқәа рынагӡара аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд (Урыстәыла) ахарџь ала имҩаԥысуеит. Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2025 шықәса цәыббра 30 рҟынӡа.