Аԥсны

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ӡыгәҭа ақыҭан иҟоу аглемпинг иаҭааит

Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит нанҳәа 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҭааит Ӡыгәта ақыҭан иҟоу аглемпинг. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Акомплекс аҿы 50 ашҩны гылоуп, иҟоуп SPA-ҭыԥ, аҽыкәабарҭа, аспорттә, ахәыҷтәы ҭыԥқәа, "зегьы зҵазкуа" акрыфарҭа.
"Ҳара ҷыдала ахшыҩзышьҭра ҳҭоит аҩнуҵҟатәии аекологиатәи атуризм аҿиара. Ас еиԥш апроектқәа аԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара иацхраауеит, аԥсшьаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит, Аԥсны асасцәа еиҳагьы иаднаԥхьалоит", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит, ареспублика зегьы иахьаҵанакуа аглемпинги ақыҭанхамҩатә туризми рыҿиара аҵак ду шамоу.